Ашрифт ашәагаа:
Аб
Аб
Аб
Аԥштәы змоу асхема:
Асахьанҵақәа:
Амениу
апассаџьырцәа рзы алахәылаҩцәа рзы

Аԥҟарақәа

Аԥырраԥхьатәи агәаҭара амҩаԥгара аиҿкаара

Авиациатә усзуҩцәа, апассаџьырцәа, анапылеидара, реидараҿаҳәа, аидарақәа, ачарҭатә ҵәахқәа ргәаҭара мҩаԥысуеит аҳаирплан ачарҭа абџьар, иԥжәо, арадиоактивтә, ауаҩы ишьра иазку, имарианы амца зкуа уҳәа егьырҭ ишәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡоу амаҭәашьарқәеи амаҭәарқәеи реиқәыԥхьаӡа ала ишьақәыргылоу, иара убас атәылауаҩратә ҳаирпланқәа рыла зымҩангара апассаџьырцәа ақәиҭым анаркотик хкқәа зегьы рҭагалара аԥырҟәҟәааразы.

Агәаҭара мҩаԥгахоит апрограммақәа рыла изыхәҭоу арҵара иахысыз, асертификати авиациатә шәарҭадаразы азыҟаҵареи аиҭазыҟаҵареи рыпрограмма инақәыршәаны аусурахь анашьҭыга шәҟәи змоу авиациатә шәарҭадаразы амаҵзура агәаҭаразы аинспекторцәа рыла.

Аҳаирбаӷәазазы агәаҭара мҩаԥысуеит агәаҭаратә хархәагақәеи авидеонаԥшыгатә системақәеи рыла еибыҭоу агәаҭаратә пунктқәа рыҟны, иара убас хаҭалатәи агәаҭара амҩаԥгара иазку ауадақәа рыҟны.

Агәаҭараан ахархәара рыҭахоит атехникатәии иҷыдоуи ахархәагақәа: астационартә рентгентелехәаԥшратә интроскопқәеи аметаллԥшаагақәеи, анапылатә (апортативтә) металлԥшаагақәа, иԥжәо амаҭәашьарқәа раарԥшразы ишьақәыргылоу аԥҟара инақәыршәаны асертификат змоу амыругақәа.

Жәларбжьаратәи ареисқәа рпассаџьырцәа рыԥырраԥхьатәи агәаҭара, урҭ рнапылеидареи реидараҿаҳәеи ргәаҭара мҩаԥысуеит аҳәаахьчаратә, аҳазалхратә гәаҭара анымҩаԥгахалак анаҩс.

Агәаҭараҟнытә рхы иақәиҭтәхоит аҳаиртә транспорт ала имҩангахо, згәаҭара мҩаԥгамхо Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра ақәҵарала ишьақәырӷәӷәоу Иҷыдоу аиқәыԥхьаӡаҟны иарбоу Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵурауаа.

Ҳара ҳсаит хархәара анаҭоит cookie (Ахархәаҩ асаит аҟны иҟаиҵо азы аналитикатә рбагақәа) асаит аусура аӷьтәреи астатистикатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгареи рзы. Асаит ахархәара иацҵо, Шәара шәьбраузер cookie афаилқәа аус рыдулара аԥҟарақәеи хаҭалатәи арбагақәа аус рыдуларазы Аполитикеи шәрықәшаҳаҭхоит. Шәара есқьынгьы cookie афаилқәа раҿыхра шәылшоит шәьбраузер архиагақәа рыҟны.