Ашәарҭадара агәаҭара
Аҟәа аҳаирбаӷәаза ашәарҭадара агәаҭара мҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны.
Жәларбжьаратәи ареисқәа рпассаџьырцәа рыԥырраԥхьатәи агәаҭара, урҭ рнапылеидареи реидараҿаҳәеи ргәаҭара мҩаԥысуеит аҳәаахьчаратә, аҳазалхратә, аиммиграциатә, убас егьырҭ агәаҭара хкқәа анымҩаԥгахалак анаҩс.
Ашәарҭадара агәаҭара ахысраан иаҭахуп абилеҭ (мамзаргьы) аҭатәаратә талони апассаџьыр ихаҭара зырҵабыргуа адокументи дырбара. ́