Ашрифт ашәагаа:
Аб
Аб
Аб
Аԥштәы змоу асхема:
Асахьанҵақәа:
Амениу
апассаџьырцәа рзы алахәылаҩцәа рзы

Сынтәатәи аԥхынразы Аҟәаҟа иааит Ханты-Мансиискынтәи раԥхьатәи ареис

В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ари аамҭахәҭазы аҟәатәи авиабаӷәаза аԥхынтәи апрограмма аазыртыз Ханты-Мансиискынтә раԥхьатәи ареис иаԥылеит.

 Аԥсни Иугра аҳҭнықалақьи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаиреимадара аиҭахацыркра аус атуристцәа рганахьалагьы Ареспублика ауааԥсыра рганахьалагьы азҿлымҳара амоуп. Ахырхарҭа аустә, аҭаацәаратә, атуристтә ныҟәарақәа рзы иманшәалоу транспорттә бжьысырҭоуп.

 «Иахьатәи амш ҳҳаирбаӷәаза амаршруттә каҭа аҿиараҿы акрызҵазкуа аамҭоуп. Ҳара авиаеилахәыра "РусЛаин" иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иаадырԥшуа агәрагареи аусеицуреи рзы. Агәра ганы ҳаҟоуп Ханты-Мансииск ареисгьы иҳаҩсыз аамҭахәҭаан еиԥш ишаҭаххо. Ари Ареспублика атранспорттә инфраструктураҟны иҭышәынтәалаз хырхарҭаны иҟоуп. Аҳаирбаӷәаза акоманда рганахьала апассаџьырцәеи аҳаиртә ӷбақәеи иманшәаланы рымаҵ ауразы аҭагылазаашьақәа зегьы аԥнаҵоит», - ҳәа азгәеиҭеит В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Руслан Блиндиук.

 Ареисқәа рымҩаԥгара алнаршоит авиаеилахәыра» РусЛаин " 50 ҭыԥ змоу аҳаирпланқәа Bombardier CRJ100/200 рыла.

Аԥыррақәа еиԥҟьарада рыԥырра мҩаԥысуеит мчыбжьык ахь ҩынтә, ашәахьеи асабшеи. Аԥырра аамҭанҵыра 5 сааҭки 40 минуҭи ыҟоуп, Саратов аҳаирбаӷәазаҿы атехникатә тәарагьы налаҵаны.

 

Ареисқәа раамҭеихшанҵа (аҳаирбаӷәазақәа зегьы рзы аҭыԥантәи аамҭа):

· Ханты-Мансиискынтә Аҟәаҟа аԥырра: ашәахьа — 13:20 (анеира аамҭа: 17:25 рзы), асабша — 05:05 (анеира аамҭа 09:10 рзы).

· Аҟәантәи Ханты-Мансиискҟа аԥырра: ашәахьа — 18:25 (анеира аамҭа: адырҩаҽны 02:05 рзы), асабша — 11:05 (анеира аамҭа: 18:45 рзы).

03 мшаԥымзазы 2026 В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа реихшьала ҟаиҵеит 07 лаҵарамзазы 2026 В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Уфантә раԥхьатәи еиԥҟьарадатәи ареис иаԥылеит
Ҳара ҳсаит хархәара анаҭоит cookie (Ахархәаҩ асаит аҟны иҟаиҵо азы аналитикатә рбагақәа) асаит аусура аӷьтәреи астатистикатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгареи рзы. Асаит ахархәара иацҵо, Шәара шәьбраузер cookie афаилқәа аус рыдулара аԥҟарақәеи хаҭалатәи арбагақәа аус рыдуларазы Аполитикеи шәрықәшаҳаҭхоит. Шәара есқьынгьы cookie афаилқәа раҿыхра шәылшоит шәьбраузер архиагақәа рыҟны.