В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны – аԥеиԥш аинвестициақәа ралагалара» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аишәа гьежь аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа реихшьала ҟаиҵеит.
Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны – аԥеиԥш аинвестициақәа ралагалара» аустә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аишәа гьежь «Аҳаиреимадара аҿиара аԥеиԥши атранспорттә инфраструктура аекономика аҿиара ианаҭо анырреи» ртемала. Аишәа гьежь аҟны В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Руслан Блиндиук иҟаиҵаз ажәахә авиабаӷәаза аиҭашьақәыргылара ахыркәашареи уи 2025 шықәсазы аусура алҵшәақәеи ирызкын.
Адиректор хада иазгәеиҭеит аҳаирвокзал 2026 шықәса мшаԥымза 2 рзы официалла аартра Урыстәылатәи Афедерациа алархәны имҩаԥысуаз аусура ахыркәшара иазҳәан.
«Ахыркәшара мҩаԥысит 5 000 м2 рҟынӡа зҵазкуа аҳаирбаӷәазатә комплекс ҿыц аобиект хадала, уахь иаҵанакуеит ааиреи аԥырреи ирызку атерминалқәа, аҭоурыхтә терминал, иара убас аҩналара агәаҭара ахьымҩаԥысуа ахыбра. Атерминалқәа жәларбжьаратәи аҭахрақәа ирықәшәоит: еиқәыршәоуп аҳәаахьчаратә, аҳазалхратә, аԥырра аламҭалазтәи агәаҭара ахьымҩаԥысуа ҳаамҭа иақәшәо азонақәа, апассаџьырцәа рзы ашәарҭадареи акомфорти рсистемақәа алагалоуп аиҭаҵра зцәыуадаҩу атәылауааи аныҟәаҩцәа қәыԥшцәеи ргәыԥқәа рзы аманшәаларақәагьы налаҵаны», — ҳәа иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит Руслан Блиндиук.
Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан аҭоурых-культуратә ҭынха иобиектны иҟоу аҭоурыхтә терминал аиҭашьақәыргылара. Ахыбра раԥхьаӡатәи архитектуратә хаҿра еиқәырхоуп, уажәы уи иаҵанакуеит аофициалтә хаҿқәеи аделегациақәеи рымаҵ ауразы азал, иара убас аҳәынҭқарра ахада исектор.
Акомплекс зегьы аужьратә лшара иартәоит сааҭк ала 400 — ҩык рҟынӡа апассаџьырцәа рыдкылара - 1 миллионҩык рҟынӡа шықәсык иҭагӡаны.
Ақәгылара ахыркәшамҭазы инаҵшьны иазгәаҭан апроект астратегиатә роль: ҳаамҭазтәи аҳаирбаӷәаза Ареспублика атранспорттә лшара амҽхак арҭбаауеит, Аԥсны туристтә хырхарҭак аҳасабала апозициақәа арӷәӷәоит, хра злоу аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьазы иналукааша ҿырԥшыганы иҟоуп.
2026 шықәсазы аҳаирбаӷәаза аҿаԥхьа иқәгылоуп ауснагӡатә ҿыцқәа: аԥыррақәа ргеографиа арҭбаара, ацифратә маҵзурақәа ралагалара, атерминал акоммерциатә инфраструктура арҿиара, амаҵзура ахаҭабзиара аԥхьаҟа аизырҳара.
«Аҳаирвокзалтә комплекс аартра ала ари аԥшьгара хыркәшаӡам, ари аҿыц хацыркра иазҳәоуп. Ҳара ҳазгәдууп В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" иахьа — ари Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьареи ажәларқәа рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәареи рзы амаҵ аура иазхиоу ҳаамҭазтәи, ишәарҭадоу, динамикала иҿио авиабаӷәазоуп», - ҳәа иажәа хиркәшеит Руслан Блиндиук.