Иахьа, 2026 шықәса мшаԥымза 2 рзы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҳаировокзалтә комплекс ҿыц аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит. Ари ахҭыс атәыла атранспорттә инфраструктура аҿиараҿы иҿыцу аамҭа аҵакы шьҭнахуеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра асасцәа рыдкыларазы ҳаамҭа иақәшәо аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит.
Авидеоеимадара арежим ала аартра ацеремониа рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Савелиев, Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт аминистр Андреи Никитин, Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистр Ҭемраз Амқәаб.
5000 м2 рҟынӡа зҵазкуа, сааҭк ала 400-ҩык рҟынӡа апассаџьырцәа роужьратә лшара змоу ҳаамҭазтәи аҳаирбаӷәазатә комплекс (шықәсык ахь 1 млн рҟынӡа) еиқәыршәоуп жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазақәа рҭахрақәа ирықәшәо аҳәаахьчаратә, аҳазалхратә, аԥырра аламҭалазтәи ахылаԥшра азонақәа рыла. Еиҿкаауп авокзал иаԥну ашҭа, амашьынаргыларҭатә зонақәеи адгьылтә транспорт азы аангыларҭатә комплексқәеи ацҵаны.
Атерминал аартраан ихыркәшан В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аеродромтә комплекс аиҭашьақәыргылара: 3 140 метра аура змоу ашьҭыԥраара-тәаратә цәаҳәа еиҭашьақәыргылоуп, еиуеиԥшым хкыла аҳаиртә ӷбақәа рыдкылара алшоит, зфиузелиаж ҭбаақәоугьы уахь иналаҵаны; ишьақәыргылоуп алашарардыргатә хархәагақәеи аԥыррақәа рзы арадиотехникатә еиқәыршәара асистемеи.
Ҩ-ҳәынҭқаррак рылшарақәа ирыбзоураны 30 шықәса рышьҭахь, 2025 шықәса лаҵарамзазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа апассаџьыртә ҳаиртә еимадара еиҭахацыркуп.
Аҳаирбаӷәаза аусура актәи асезон аихшьалақәа рыла, авиабаӷәаза амаҵзурақәа рхы иадырхәахьеит 120 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа, 600 инареиҳаны ареисқәа мҩаԥгоуп ахырхарҭақәа: Москва, Санкт-Петербург, Нижни Новгород, Пермь, Ханты-Мансииск ала.
«В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҳаировокзалтә комплекс ҿыц аусура аларгара, ари астратегиатә ҵак ду змоу ӡбамҭоуп, Аԥсны атранспорттә хархәара аизырҳара адагьы, атуризм аизҳареи, аусутә активреи, аинвестициақәа радԥхьалареи рзы ҳаамҭазтәи аинфраструктуратә уасхыр азышьҭаҵоуп. Аҳаирбаӷәаза аусура раԥхьатәи алҵшәақәа иаадырԥшит ари ахырхарҭа иамоу алшара ҳараки аҭаххареи", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны аекономика аминистр Ҭемраз Амқәаб.
«Иахьа аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» — ари ҳаамҭазтәи аинфраструктура, ашәарҭадара астандарт ҳаракқәа, апассаџьырцәа зегьы рҭахрақәа рызхьаԥшра аныԥшуеит. Ҳара Ареспублика асасцәа рыдкылара ҳазхиоуп, рныҟәара иахьынӡауа иманшәаланы иалагарц, ихыркәшахарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Иазԥхьагәаҭоуп аԥхьаҟа амаршруттә каҭа арҿиара, ацифратә сервисқәа ралагалара, амаҵзура ахаҭабзиара аизырҳара», - ҳәа азгәеиҭеит В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Руслан Блиндиук.
Апроект анагӡарала Аԥсны Аҳәынҭқарра атранспорттә хархәара акыр иазҳаит, апассаџьырцәа ркомфорти ршәарҭадареи алырршахеит, иара убас атуристтә усхк иҭышәынтәаланы аҿиареи аҳәынҭқаррақәа реимадара арӷәӷәареи рзы зыда ԥсыхәа ыҟам аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп.