Нанҳәамза 14 рзы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҟны авиаеилахәыра «iFly» инанагӡаз Санкт-Петербургынтәи иааз раԥхьатәи ареис иаԥылеит. Традициала ишаԥу еиԥш, аперрон аҟны актәи аҳаирплан ааира азгәаҭан аӡы хыргьагьа ҟаҵаны. Иааз ареис иаԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр Делба Владимир напхгара ззиуаз Аԥсны Аиҳабыра ахаҭарнакцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Ишьақәгылаз атрадициала раԥхьатәи апассаџьырцәа аԥсуа чыс хаа рыдгалан, агәаларшәагатә ҳамҭақәа рыҭан.
Санкт-Петербургҟа аԥыррақәа мҩаԥыслоит икомфорту аҳаирплан Airbus 330 ала мчыбжьык аҩныҵҟа ҩынтә, хашалеи мҽышалеи абри аамҭеихшанҵала:
- Аҟәантә иԥыруеит 09:15 рзы, Санкт-Петербург инеиуеит 13:30 рзы.
- Шьҭахьҟа ихынҳәны иаауеит 15:00 сааҭ рзы, Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны иааиуеит 19:15 рзы.
Аҳаирбаӷәазақәа зегьы рзы иарбоуп аҭыԥантәи аамҭа.
Ишәгәалаҳаршәоит аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҟнытә аныҟәаразы аԥырра шәылшоит Москва, Нижни Новгород, Ханты-Мансиск.