Иахьа, рашәарамза 28 рзы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Ханты-Мансискынтә иааит авиеилахәыра «РусЛАИН» инанагӡаз актәи ареис. Авиацитә традициала ишаԥу еиԥш, аҳаирбаӷәаза аперрон аҟны аҳаирплан аӡы хыргьагьа ҟаҵаны иаԥылеит. Иааз ареис иаԥылеит Афымцамч аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Габелиа напхгара ззиуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра ахаҭарнакцәа.
- Иахьа Авиеилахәыра «РусЛАИН» Саратов – Ханты-Мансииск – Аҟәа амаршрут ала актәи ареис аара — аҵак ду змоу хҭысуп ҳара ҳтәылазы. Ари атуристтә хырхарҭа аҳасабала Аԥсны иамоу азҿлымҳара иахьазҳауа адагьы, ареспублика атранспорттә инфраструктура аҿиараҟны акрызҵазкуа шьаҿаны иҟалеит. В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәа аҳаирбаӷәаза ареис ҿыцқәа рыдкылара иазхиоуп, иара убас ҳара егьырҭ авиаеилахәырақәа радԥхьаларазы аусура мҩаԥаҳгоит. Ари атуристцәа рзы иахьыманшәалоу анаҩсгьы, асасааирҭатә бизнес, акурорттә инфраструктура, еизырхоу Аԥсны аекономика ахырхарҭақәа рыҿиара угәы азҭазҵо ак акәны иҟалоит, - ҳәа азгәеиҭеит Давид Габелиа.
Ишьақәгылаз атрадициала раԥхьатәи апассаџьырцәа амилаҭтә чыс хаа рыдгалан, иара убас агәаларшәагатә ҳамҭақәа рырҭеит. Авокзал иаԥну ашҭаҿы аныҟәаҩцәа рзы еиҿкаан аныҳәатә программа.
Ахырхарҭа ҿыц ала аԥыррақәа мҩаԥыслоит мчыбжьык ахь ҩынтә – шәахьалеи сабшалеи ҳазҭоу ашықәс жәьҭаарамзанӡа – икомфорту 50-ҭыԥ змоу канадатәи аҳаирплан Bombardier CRJ100/200 ала абри аамҭеихшанҵа инақәыршәаны:
▫️ Ашьҭԥраара аамҭа Ханты-Мансискынтә 04:35 рзы, Аҟәа ааира аамҭа 09:30 рзы.
▫️Ашьҭԥраара аамҭа иахьынтәаазтәи ахырхарҭала 13:05 рзы, Ханты-Мансиск анеира аамҭа 21:50 рзы. Аҳаирбаӷәазақәа рзы иарбоу аамҭа аҭыԥантәиуп.