Ашрифт ашәагаа:
Аб
Аб
Аб
Аԥштәы змоу асхема:
Асахьанҵақәа:
Амениу
апассаџьырцәа рзы алахәылаҩцәа рзы

Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Аҟәа ҭагалан-аӡынтәи аԥыррақәа реихшанҵахь ииасит

2025 шықәса абҵарамза 1 азы Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Аҟәа Жәларбжьаратәи аҳаирт баӷәаза Аҟәа ирҿыцу ҭагалан-аӡынтәи аԥыррақәа реихшанҵала иааит актәи ареис. Москва — Аҟәа ахырхарҭала аԥырра мҩаԥызгаз авиаеилахәыра «РусЛаин» аҳаирплан қәҿиарала итәеит аҭыԥантәи аамҭала 12:40 рзы.

«Аӡынтәи аамҭеихшанҵа актәи ареис шамахамзар иахьҭәыз иаҳәоит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара авиаеимадара асезонбжьаразгьы ишаҭаху атәы», - абас дахцәажәеит аихшанҵа ҿыц ахь аиасра Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистр Ҭемраз Амқәаб.

«Ареисқәа ахырхарҭа ҿыц ала рышьҭра авиаеилахәыразы хҭыс ҷыдоуп. Иахьа ҳара гәахәарала Москвеи Аҟәеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аартра мҩаԥаҳгеит. Аԥыррақәа мҩаԥысуеит зыгәрагоу аҳаирпланқәа рыла, апассаџьырцәа ршәарҭадареи ркомфорти аԥхьа иҳаргылоит есымшеиԥш. Агәра ҳгоит ари амаршрут ҩ-қалақьк рыбжьара аныҟәарақәа рымҩаԥгаразы иманшәалоу, хархәара змоу транспортны ишыҟало», – иазгәеиҭеит Ҭемыр Темиргалиев, авиаеилахәыра «РусЛаин» Авиациатә гәыԥ адҵаҟаҵаҩ Ихаҭыԥуаҩ.

Ааамҭеихшанҵа ҿыц инақәыршәаны аԥыррақәа мҩаԥыслоит ари ахырхарҭала мчыбжьык аҩныҵҟа ҩынтә — хашалеи сабшалеи 50 ҭыԥ змоу иманшәалоу аҳаирпланқәа Bombardier CRJ-100 ахқәа рыла.

Авиабилеҭқәа раанкылара ҟалоит авиаеилахәыра-амҩаԥгаҩ аофициалтә саит аҟны.

Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Аҟәа апассаџьырцәа ирабжьнагоит аԥырра аамҭа 2 сааҭк шагу аҳаирбаӷәазаҟны анеира.


14 нанҳәамзазы 2025 Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҟны Санкт-Петербургынтәи актәи ареис иаԥылеит 24 жәабранмзазы 2026 Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» апроект «Жәлар рысцена-Лабҿаба» алахәцәа аднакылеит
Ҳара ҳсаит хархәара анаҭоит cookie (Ахархәаҩ асаит аҟны иҟаиҵо азы аналитикатә рбагақәа) асаит аусура аӷьтәреи астатистикатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгареи рзы. Асаит ахархәара иацҵо, Шәара шәьбраузер cookie афаилқәа аус рыдулара аԥҟарақәеи хаҭалатәи арбагақәа аус рыдуларазы Аполитикеи шәрықәшаҳаҭхоит. Шәара есқьынгьы cookie афаилқәа раҿыхра шәылшоит шәьбраузер архиагақәа рыҟны.