Иахьа, рашәарамза 6 рзы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҭоурых аҿы раԥхьаӡакәны иаднакылеит Boeing 777 – 540 ҭыԥ зкуа афиузелиаж ҭбаа змоу аҳаиртә ӷба. Ареис нанагӡеит авиаеилахәыра NordWind.
Авиабаӷәаза аҿиараҿы аамҭа ҿыцқәа ирсимволу атрадициа инақәыршәаны иааз аҳаирплан аԥылара аныҳәатә ҟазшьа аманы имҩаԥысит аҳаирбаӷәаза аԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа ахҭыс аазырԥшуа аусмҩаԥгатә — «аӡтәы хыргьагьала».
Раԥхьаӡакәны Аԥсны иаҭааз асасцәа рзы еиҿкаан аофициалтә гидцәа рконсультациақәа. Урҭ иааз иддырдырит ареспублика аҭыԥ хадақәа, атуристтә маршрутқәа, акультуратә ҷыдарақәа, Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы аԥсшьаразы иҟоу алшарақәа.
"Актәи Boeing 777 адкылара — ари баша техникатә еихьӡарам, ҳпартниор иганахьала агәрагареи Аԥсны хырхарҭак аҳасабала азҿлымҳара шеизҳауа атәы зныԥшуа дыргоуп. Ас еиԥш аҳаиртә ӷбақәа рыкласс иалнаршоит ари ареис ала апассаџьырцәа Аԥсны раҭаара амҽхак аизырҳара, аныҟәарақәа еиҳа ахархәара рыманы, иманшәаланы рыҟаҵара. Иахьа инаркны Аҟәаҟа аԥыррақәа рыпрограмма нанагӡоит авиаеилахәыра» Nordwind «авиаеилахәыра» Икар» алархәны есыҽны, иагьазԥхьагәанаҭоит ари аҳаиртә ӷба хкы иааиԥмырҟьаӡакәа москватәи амаршрут аҿы ахархәара, ҳара ҳганахьала аҳаиртә ӷбақәа рыхкқәа зегьы рҿы амаҵзуразы астандарт ҳаракы алыршара ҳазхиоуп», — ҳәа азгәеиҭеит Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Руслан Блиндиук.
Афиузелиаж ҭбаа змоу аҳаирпланқәа адыԥхьаланы ареисқәа рдәықәҵара аҳаирбаӷәаза аоперациатә лшарақәа арҭбаауеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра атранспорттә хархәара аҩаӡара шьҭнахуеит.