2026 шықәса лаҵарамза 30 инаркны Аҟәа аҳаирбаӷәазаҟынтә Нижни Новгород — Аҟәа амаршрут ала иааиԥмырҟьаӡакәа ишиашоу иԥыруа апассаџьыртә реисқәа еиҭахацыркуп. Апассаџьырцәа рымҩангара мҩаԥнагоит авиаеилахәыра NordWind авиаеилахәыра «Икари» иареи русеицурала.
Аԥыррақәа азԥхьагәаҭоуп мчыбжьык ахь знык — сабшала, 110 пассаџьыртә ҭыԥ змоу иманшәалоу арегионалтә ҳаирпланқәа Embraer 190 рыла. Ареисқәа мҩаԥысуеит анаҩстәи аамҭеихшанҵала:
Нижни Новгородынтә аԥырра: 10:40 → Аҟәа ааира 14:10
Аҟәантәи 14: 50 → Нижни Новгород анеира: 17:30
Ҳаирбаӷәазацыԥхьаӡа иарбоу аҭыԥантәи аамҭоуп.
Аԥырра аамҭанҵыра 3 сааҭки 40 минуҭи артәоит.
«Нижни Новгороди ҳареи ишиашоу аҳаиреимадара аиҭарҿыцра-аҟәатәи авиабаӷәаза амаршруттә каҭа арҭбааразы иҟаҵоу изаамҭанытәиу шьаҿаны иҟоуп. Ари ахырхарҭа иадҵаалоит атуристцәагьы Приволжтәи арегион аҿы аҵара зҵо, аус зуа, мамзаргьы аустә еимадарақәа змоу Аԥсны ауааԥсырагьы. Ҳара авиаеилахәырақәа NordWind, «Икар» иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аамҭеихшанҵа ашьақәыргыларазы аусеицуреи иманшәаланы ашьақәыргыларазы иҟарҵаз азнеишьеи рзы. Агәра ганы сыҟоуп ареис иҳаҩсыз аамҭахәҭа аан еиԥш зҿлымҳара шарҭо», - ҳәа азгәеиҭеит аҳаирбаӷәаза Аҟәа Адиректор хада Руслан Блиндиук.
Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟынтә ишиашоу иԥыруа ареисқәа мҩаԥысуеит Москвеи, Уфеи, Ханты-Мансииски рахь. Рашәарамза 3 инаркны Аминералтә Ӡқәа рышҟа аԥыррақәа хацыркхоит, рашәарамза 10 инаркны Калугаҟагьы.
Авиабилеҭқәа раахәара ҟалоит авиаеилахәыра-амҩангаҩ аофициалтә саит аҿы.