Иахьа, 2026 шықәса ԥхынгәымза 1 азы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Екатеринбургынтәи раԥхьатәи иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысло ареис аднакылеит. Кольцово аҳаирбаӷәазаҟынтә иааз апассаџьырцәа ныҳәаҵас рԥылара мҩаԥысит аԥсуа сасдкылараҵәҟьа аҟазшьа аҭаны.
Аҳаирӷба адгыларҭаҿы аҳаирплан традициала аӡтәы хыргьагьала «бзиала шәаабеит» ҳәа рарҳәеит. Атерминал аҿы асасцәа ирԥылеит ансамбль «Ашьхарыуаа». Ансамбль артистцәа амилаҭтә кәашарақәа нарыгӡеит, асасцәа аԥсуа дгьыл аҿы рыҟазаара раԥхьатәи аминуҭқәа инадыркны аныҳәатә гәалаҟазаара аԥырҵеит.
Актәи ареис апассаџьырцәа ирԥыргалеит итрадициатәу аԥсуа чыс хаақәа: аџьынџьыхәа, ареспублика ачыс символ хадақәа ируаку — иара убас ачашә.
«Екатеринбургынтәи ишиашоу иԥыруа ареисқәа рхацыркра ҳҳаирбаӷәазазы аҵак ду змоу хҭысуп. Иазгәаҭатәуп Кольцово Урал аҳҭнықалақь аҳаиртә баӷәазаны иахьыҟоу адагьы, Урыстәыла авиаеиқәҳәаларҭа дуқәа ишреиуоу. Уантә атәыла аҩныҵҟеи аҳәаанырцәҟеи ԥхьаҟатәи аҳаиртә ныҟәарақәа рзы алшара дуқәа аатуеит. Ас еиԥш атранзиттә еиқәҳәаларҭа ишиашоу аҽамадара Аԥсны аҭааразы еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтә апассаџьырцәа рзы атранспорттә хархәара акыр иарҭбаауеит. Ҳара ҳзы гәахәароуп аԥсуа дгьыл аҿы асасцәа рыдкылара, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ареспубликаҿы рыҟазаара маншәаланы имҩаԥысырц, ргәы иҭнымҵәо инхарц азы», — ҳәа азгәеиҭеит В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Руслан Блиндиук.
Екатеринбурги Аҟәеи рыбжьара ишиашоу авиеимадара ахацыркра иабзоураны атуристцәеи аусдкылаҩцәеи рымҩа анҵыра аамҭа ркьаҿхоит, Аԥсныҟа аара Урал ауааԥсыра рзы иманшәаланы имҩаԥысуеит.