Ахашаҽны, рашәарамза 12 рзы, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҟны «Аҟәа» иааит зфиузелиаж ҭбаау аҳаирплан Airbus A330. Авиаеилахәыра «iFly» раԥхьаӡакәны аҟәатәи авиабаӷәазахь ареис ҟанаҵеит.
Авиациатә традициала аперрон аҟны аҳаиртә ӷба иаԥылеит аӡтәы ргьагьа ҟаҵаны. Иааз ареис иаԥылеит афымцамч аминистр Мышәба Баҭал напхгара ззиуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра ахаҭарнакцәа.
«Иахьа ҳавиациа аҭоурых аҟны аҭоурыхтә ҵакы змоу изаамҭанытәиу мшны иҟалеит. Ҳара В.Г. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҟны иҳадаҳкылеит раԥхьатәи зфиузелиаж ҭбаау аҳаирплан, Москвантә, Шереметиво аҳаирбаӷәазаҟнытә иаҳҭааит 350-ҩык апассаџьырцәа.
Иахьатәи ахҭыс даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит, уадаҩарақәак ыҟазаргьы, ҳреспублика аҿиара ишаҿу. Иаҳҭаауа асасцәа рзы есааира аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара ҳаҿуп. Сара агәра згоит имҩаԥысуа аҿиара иаҳа-иаҳа амҽхак шыҭбаахало. Ҳреспубликагьы есааира еизҳазыӷьалоит, иԥшӡахалоит», ҳәа азгәеиҭеит афымцамч аминистр Мышәба Баҭал.
Апассаџьырцәа рзы еиҿкаан амилаҭтә цәаҩа змаз аныҳәатә программа, амилаҭтә чыс ацҵаны. Аха урыстәылатәи апассаџьырцәа рзы изқәымгәыӷуаз ҳамҭаны иҟалеит Урыстәыла амш ахьӡала аԥсуа коллектив инанагӡаз аурыс жәлар рашәа.
Авиаеилахәыра «iFly» Москваҟа ицо ареисқәа еиԥҟьарада инанагӡалоит мчыбжьык ахьтә фынтә, шьыжьла, рашәармза 24 инаркны мчыбжьык ахьтә хәынтә хәылԥазыла 362 тәарҭа змоу зфиузелиаж ҭбаау А330 аҳаирпланқәа рыла.
Амаршруттә каҭақәа ҭбаахацаԥхьыӡа Аҟәа аҳаирбаӷәазаҟнытә аԥыррақәа мҩаԥыслоит есҽны, ареисқәа рхыԥхьаӡара уахыки-ҽнаки хынтә рҟынӡа иазҳауеит. Аԥсны Аҳәынҭқаррантә амаршрутқәа реизырҳаразы аусура мҩаԥыслоит.