Ашрифт ашәагаа:
Аб
Аб
Аб
Аԥштәы змоу асхема:
Асахьанҵақәа:
Амениу
апассаџьырцәа рзы алахәылаҩцәа рзы

Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» апроект «Жәлар рысцена-Лабҿаба» алахәцәа аднакылеит

2026 шықәса жәабранмза 24 рзы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» акультуратә проект «Жәлар рысцена-Лабҿаба» алахәцәа рзы атематикатә екскурсиа мҩаԥнагеит.

Аекскурсиа еиҿкаан Аԥсны аҳаиртә гәашәқәа русура ардырреи, азанааҭхырхарҭеи, акультуратә аԥшьгарақәеи ареспублика авиациатә усхки реимадара арӷәӷәареи хықәкыс иҟаҵаны.

Аекскурсиаан амаршрут алахәцәа авиациатә ԥсҭазаара ҩныҵҟала абаразы  алшара роуит. Асасцәа апассаџьыр имҩа ианысит - аҩналаратә гәаҭарҭа инаркны аԥырра иазку атерминал аҟынӡа, хәҭа-хәҭацыԥхьаӡа аҳаирбаӷәаза аспециалистцәа иҟарҵоз ахҳәаа иазыӡырҩыртә аҭагылазаашьа аԥҵан.

Иҷыдоу ацәаныррақәа цәырнагеит аперронтә автобус ала аныҟәара: алахәцәа аҭааны ирбеит ашьҭыԥраара-тәаратә цәаҳәа, иара убас атехника ҷыда агыларҭа, уа атехникатәи аеродромтәи маҵзурақәа русзуҩцәа русура аҭоурых рзеиҭарҳәеит.

Агәаҳәара ду рызҭаз ак акәны иҟалеит амҩақәҵарҭа ҭыԥ – арантә аеродром ахи аҵыхәеи зегьы улаԥш ахугартә иубоит, ара ареисқәа зегьы ршәарҭадаразы аӡбамҭақәа ахьрыдыркыло ҭыԥуп. Аҳаиртә ныҟәара аиҿкаара амаҵзура анапхгареи аекскурсиа иалахәызи реиԥылара иалнаршеит Аҟәа ажәҩан аҟны аҳаиртә ҵакыразы аҭакԥхықәра знапы иану ауаа рдунеи агәылаԥшра.

Апрограмма хыркәшан В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Руслан Блиндиук иԥыларала. Уи асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит:

«Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит апроект "Жәлар рысцена-Лабҿаба" алахәцәа. Ишьахәуп акультуреи авиациеи иахьа ҳадгьыл аҿы иахьеиниаз. Ҳгәыӷуеит аекскурсиа иахылҵуа ацәаныррақәа шәырҿиаратә усумҭақәа ирныԥшып ҳәа, Аҟәа ахыхь иҟоу ажәҩан арҿиаратә гәацԥыҳәара шәнаҭап ҳәа. Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп аҿар авиациахь ирымоу азҿлымҳара ахьаҳбо: ари абиԥарақәа реимадара иацхраауеит, Аҟәа аҳаирбаӷәаза аҿиара узықәгәыӷша анапаҿы ишыҟоу. Ақәҿиарақәа шәзеиӷьаҳшьоит, аиԥылара ҿыцқәа ҳарзыԥшуп!»

Ҭемраз Ҭаниа, апроект " Жәлар рысцена-Лабҿаба» автор:

"Апроект алахәцәа зегьы рыхьӡала Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» анапхгара гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп авиациатә ԥсҭазаара ҩныҵҟала абара ахьалыршахаз азы. Иахьатәи аекскурсиа аартраҵәҟьахеит ҳара ҳзы - ҳара иаабеит аҳаирбаӷәаза аусзуҩцәа русура ахәҭақәа зегьы шаҟа џьабаа аду, профессионалла, гәыла-ԥсыла рнапы иану аус ишазнеиуа. Апроект алахәцәа ирбаз ргәы шьҭнахит, агәахәара ду ирнаҭаз анаҩс ирыӡбеит аҳаирбаӷәаза аҳамҭа ҷыда аздырхиарц. Лаҵарамзазы, аҭоурыхтә терминал аартра анымҩаԥысуа ари ахҭыс ду иазку ашәа наҳагӡар ҳҭахуп. Абасала асасдкылареи иахьа иаҳзаашәыртыз «авиациа адунеи ашәқәа» рзы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәарц ҳҭахуп. Аҳаирбаӷәаза иазеиӷьаҳшьоит ԥхьаҟатәи аҿиара, аҳаракыра ҿыцқәа, иара убас қәҿиарала атерминал аартра!»

Аекскурсиа мҩаԥысит аԥхырра, аиҩызаратә ҟазшьа аманы, уи иалахәыз авиациатә усхк азы адырра ҿыцқәа роуит.

Аҳаирбаӷәаза ахьӡала аекскурсиа иалахәыз агәаларшәагатә сувенирқәа ранашьан.
01 абҵарамзазы 2025 Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Аҟәа ҭагалан-аӡынтәи аԥыррақәа реихшанҵахь ииасит 26 жәабранмзазы 2026 Аԥсны Аҳәынҭқарра атуризм аминистр Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» даҭааит
Ҳара ҳсаит хархәара анаҭоит cookie (Ахархәаҩ асаит аҟны иҟаиҵо азы аналитикатә рбагақәа) асаит аусура аӷьтәреи астатистикатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгареи рзы. Асаит ахархәара иацҵо, Шәара шәьбраузер cookie афаилқәа аус рыдулара аԥҟарақәеи хаҭалатәи арбагақәа аус рыдуларазы Аполитикеи шәрықәшаҳаҭхоит. Шәара есқьынгьы cookie афаилқәа раҿыхра шәылшоит шәьбраузер архиагақәа рыҟны.