2026 шықәса жәабранмза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа усуратә визитла В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» даҭааит.
Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан апассаџьырцәа рыҟазаара арманшәалареи аҳаирбаӷәаза Ареспублика атуристтә инфраструктура аларҵәареи рызҵаарақәа.
«Иахьа ҳара инеиԥынкыланы аҳаирбаӷәаза транспорттә еиқәҳәаларҭак аҳасабала адагьы, ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи рзы иманшәалоу уаажәларратә ҵакыраны арҿиара ҳаҿуп. Хара имгакәа ихыркәшахоит аҳаирбаӷәаза иаԥну аҵакыра арԥшӡара: ицәырҵуеит ариаҵәаратә ҭыԥ ҿыцқәа, апассаџьырцәа рыԥсы ахьыршьаша аҭыԥқәа. Ҷыдала хшыҩзышьҭра раҳҭоит ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа — ҳгәы иҭоуп ахәыҷтәы шҭақәа ирыцҵаны реиҿкаара», - Руслан Блиндиук, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада.:
Аиԥылараан иазгәаҭан аганқәа аусеицура ишазхиоу, атуристцәа Аԥсны аҳаиртә гәашәқәа рыдԥхьалара аизырҳара хықәкыс иҟаҵаны, русеицуразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит.
"Ҳара атурист-информациатә центрқәа раартра хықәкыс иҳамоуп. Урҭ ззырхоугьы амаҵзура аҩаӡара ашьҭыхра, ҳтәыла аӡыргара ауп, уи маншәалазарц, ҳтәыла азҿлымҳара аизырҳара, раԥхьа иргыланы, ҳасасцәа дырбара, рызнагара иацхраарц азы. Ҳара иаҳҭахуп Аԥсныҟа иааз дарбанзаалак ишахәҭоу иԥыларц, ҳтәылазы инарҭбаау, аинтерес зҵоу, ииашоу аинформациа иоурц», — иҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа.
Иахьазы аҳаирбаӷәазатә комплекс сааҭк ала 320-ҩык рҟынӡа апассаџьырцәа рымаҵ аур алшоит. 2026 шықәса лаҵарамзазы иазԥхьагәаҭаз аҭоурыхтә терминал аиҭашьақәыргылара анхыркәшахалак ашьҭахь, ари арбага сааҭк ала 400 — ҩык рҟынӡа иазҳауеит --уи иалнаршоит есааира зхыԥхьаӡара иазҳауа апассаџьырцәа рыдкылара, амаҵзура ахаҭабхиара ашьҭыхра.