Ашрифт ашәагаа:
Аб
Аб
Аб
Аԥштәы змоу асхема:
Асахьанҵақәа:
Амениу
апассаџьырцәа рзы алахәылаҩцәа рзы

Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Кавказтәи аинвестициатә форум аҟны иӡырнагеит аԥхьаҟатәи аҿиара апроект

В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» раԥхьаӡакәны – Аҩада –Кавказ арегионқәа ринвестициатә проектқәа рцәыргаразы аҵак ду змоу Кавказтәи аинвестициатә форум иалахәуп. Авиабаӷәаза ӡырган Аԥсны иазкыз ацәыргақәҵатә стенд аҟны.  

Аҳаирвокзал Ареспублика аҳаиртә гәашәқәа рыҿиара апроект азы архитектуратә  макет аҳасабала ицәырган. Амшын еиқәа ахықәан авиабаӷәаза аладатәи ахәҭаҟны  апассаџьыртә парк-терминал ҿыц ауникалтәра амшын аԥшаҳәа иқәыԥсоу абӷанҷ ахаҿсахьа шьаҭас измоу архитектуратә концепциа ианыԥшуеит. Аҳаирвокзал афункцитә ҭыԥқәа – аҩналарҭатә гәаҭара, аҽҭаҩрҭа, аԥшырҭа азал, абагаж аҭара азал – хазы игылоу ахыбрақәа рыҟны иҟалоит, урҭ еидҳәалахоит ихыбу агалереиақәеи аиасырҭақәеи рыла. Апроект анагӡара азԥхьагәаҭоуп аҳаирбаӷәаза аҩадатәи ахәҭаҟны аҳаирвокзалтә комплекс аргылара ашьҭахь.  

Ишәгәалаҳаршәоит, сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарра 30 шықәса раахыс еиԥҟьаны иҟаз авиациатә еимадара еиҭашьақәнаргылеит. Еиԥҟьарада авиациатә еимадара ахацыркра алыршахеит Аҟәа аҳаирбаӷәазеи аҳаирвокзалтә инфраструктуреи реиҭашьақәыргылара иазкны имҩаԥгаз зымҽхак ҭбааз аусура иабзоураны. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылҵшәаны аҳаирбаӷәаза иалшоит ҳаамҭазтәи абжьаратәии ахара магистралтәи ҳаирпланқәа рыхкқәа рыдкылара. Аҳаирбагәазаҟны ишьақәыргылоуп ҳаамҭазтәи алашарардыргатә маҭәахәы ИКАО 1 акатегориа змоу, ивтоматырку аметеорологиатә шәагатә система, ахархәарахь иалагалоуп аԥыррақәеи аимадареи рзы арадиотехникатә еиқәыршәара аҳаирпланқәа атәарахьы рҭалара алзыршо адгьылахыхьтә хархәагақәа. Апассаџьырцәа рымаҵ аура мҩаԥысуеит аамҭалатәи атерминал аҟны. Абри инаваргыланы аҳаирвокзалтә комплекс ҿыц аргылара мҩаԥысуеит аҳаирбаӷәаза аҩадахьтәи ахәҭаҟны. Уи азеиԥш ҵакыра иартәоит 5 000 м2, иара иаҵанакуеит аҳаирплан ааиреи ашьҭԥраареи рзалқәа, иара убас аҩналаратә гәаҭара ахыбра зцу аркадтә галереиеи. Аҳаирбаӷәаза аинфраструктура арҿиара иацҵахоит.  

13 лаҵарамзазы 2025 Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Нижни Новгородынтә актәи ареис аднакылеит 12 рашәарамзазы 2025 Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» раԥхьаӡакәны иаднакылеит зфиузелиаж ҭбаау аҳаирплан
Ҳара ҳсаит хархәара анаҭоит cookie (Ахархәаҩ асаит аҟны иҟаиҵо азы аналитикатә рбагақәа) асаит аусура аӷьтәреи астатистикатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгареи рзы. Асаит ахархәара иацҵо, Шәара шәьбраузер cookie афаилқәа аус рыдулара аԥҟарақәеи хаҭалатәи арбагақәа аус рыдуларазы Аполитикеи шәрықәшаҳаҭхоит. Шәара есқьынгьы cookie афаилқәа раҿыхра шәылшоит шәьбраузер архиагақәа рыҟны.