Ашрифт ашәагаа:
Аб
Аб
Аб
Аԥштәы змоу асхема:
Асахьанҵақәа:
Амениу
апассаџьырцәа рзы алахәылаҩцәа рзы

Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" алашарбагатә маҭәахәы аԥышәара иахнажьит

2025 шықәса жәабранмза 11 рзы Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аҳаирпланқәа уахынла ианылашьцоуи ҽынла аметеорологиатә ҭагылазаашьақәа аныуадаҩуи шәарҭарада атәарахьы рнеира алзыршо алашарбагатә маҭәахәы аԥышәара мҩаԥнагеит.   

«Аҳаирбаӷәазаҟны ишьақәыргылоу алашарбагатә маҭәахәы жәларбжьаратәи астандартқәа зегьи ICAO актәи акатегориа аҭаххарақәеи   ирықәшәоит. Ари алашарбагатә маҭәахәы аусура ианалага, уи иалнаршоит аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" уахынлеиԥш, ҽынла, аметеорологиатә ҭагылазаашьақәа аныуадаҩугьы, аҳаирпланқәа рыдкылара», – иҳәеит аҳаиртә ныҟәара аиҿкааразы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Валери Чаплыгин.

Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылара аус хацыркын 2023 шықәсазы. Анардадкылаҩыс иҟоуп урыстәылатәи холдинг  «Аинфраеилазааратә ҿиара». Жәабранмза 7 рзы аҳаирбаӷәаза Москвантә раԥхьатәи ареис аднакылеит. Аҳаирплан 20-ҩык апассаџьырцәа реиԥш, иара убас дҭатәан аҵыхәтәантәи ҩышықәса раахыс Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза Аҟәа  аиҭашьақәыргыларазы аиҿкаааратә штаб ахантәаҩыс иҟаз, иналукааша аполитикатә усзуҩы Гәынба Бадра. Уи иазгәеиҭеит аҳаиртә баӷәаза аартра ҳазҭоу ашықәс аԥхынтәи атуристтә аамҭазы ишазԥхьагәаҭоу.


07 жәабранмзазы 2025 Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" актәи ареис ааит 15 мшаԥымзазы 2025 Ирылаҳәоуп Аԥсны аҳҭнықалақь аҟнытә авиабилеҭқәа рыҭира ишалаго атәы
Ҳара ҳсаит хархәара анаҭоит cookie (Ахархәаҩ асаит аҟны иҟаиҵо азы аналитикатә рбагақәа) асаит аусура аӷьтәреи астатистикатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгареи рзы. Асаит ахархәара иацҵо, Шәара шәьбраузер cookie афаилқәа аус рыдулара аԥҟарақәеи хаҭалатәи арбагақәа аус рыдуларазы Аполитикеи шәрықәшаҳаҭхоит. Шәара есқьынгьы cookie афаилқәа раҿыхра шәылшоит шәьбраузер архиагақәа рыҟны.