Ашрифт ашәагаа:
Аб
Аб
Аб
Аԥштәы змоу асхема:
Асахьанҵақәа:
Амениу
апассаџьырцәа рзы алахәылаҩцәа рзы

Ирылаҳәоуп Аԥсны аҳҭнықалақь аҟнытә авиабилеҭқәа рыҭира ишалаго атәы

Иаартуп В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҟнытә Москвеи Нижни Новгороди ирыбжьало ареисқәа рзы авибалилеҭқәа рыҭира.

Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҟнытә актәи ареис азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 1 азы москватәи аҳаирбаӷәаза Внуково ашҟа. Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҳҭнықалақьи Урыстәылеи рыбжьара ҳаирпланла аԥыррақәа мҩаԥнагалоит авиаеилахәыра  «ИуВТ Аеро» сабшала аҳаирплан CRJ-200 ала. Аҟәантә идәықәлоит 19:20 сааҭ рзы, лаҵарамза 31 инаркны  20:20 сааҭ рзы. Москвантә ареисқәа дәықәлалоит 14:30 сааҭ рзы, лаҵарамза 31 инаркны 15:30 сааҭ рзы.

Авиаеилахәыра Икари Nordwind Airlinesи ихацдыркуеит ишиашоу авиеимадара Аҟәа   – Нижни Новгород амаршрут ала. Ари ахырхарҭала ареисқәа мҩаԥгахоит лаҵарамза 6-еи 13-еи рзы, анаҩс ишиашоу аԥыррақәа рыпрограмма иацҵахоит лаҵарамза 30 инаркны хәашала.  Аҟәантә идәықәлоит лаҵарамза 6-еи 13-еи асааҭ 22:40 рзы, Нижни Новгороднтә Аԥсны аҳҭнықалақь ашҟа асааҭ 17:50 рзы. Аԥыррақәа мҩаԥыслоит аԥырразы иманшәалоу 110 пассаџьартә ҭыԥ змоу Ембраер 190 аҳаирпланқәа рыла.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟнытә иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаиртә еимадара  еиҭахацыркхоит 30 шықәса инареиҳаны еиԥҟьаны аҟазаара ашьҭахь.

11 жәабранмзазы 2025 Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" алашарбагатә маҭәахәы аԥышәара иахнажьит 17 мшаԥымзазы 2025 Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ашҟа актәи ареис мҩаԥысуеит 2025 шықәса лаҵарамза 1 азы
Ҳара ҳсаит хархәара анаҭоит cookie (Ахархәаҩ асаит аҟны иҟаиҵо азы аналитикатә рбагақәа) асаит аусура аӷьтәреи астатистикатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгареи рзы. Асаит ахархәара иацҵо, Шәара шәьбраузер cookie афаилқәа аус рыдулара аԥҟарақәеи хаҭалатәи арбагақәа аус рыдуларазы Аполитикеи шәрықәшаҳаҭхоит. Шәара есқьынгьы cookie афаилқәа раҿыхра шәылшоит шәьбраузер архиагақәа рыҟны.