Лаҵарамза 13 рзы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҟны аныҳәатә ҟазшьа аҭаны имҩаԥысит Нижни Новгородынтә актәи ареис адкылара. Авиациатә традициала ишаԥу еиԥш, аҳаирплан аадгыларҭаҟны иаԥылеит аӡхыргьагьа ҟаҵаны.
Нижни Новгородынтә аԥхьатәи апассаџьырцәа ирԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхәи афымцамч аминистр Баҭал Мышәбеи.
Иааз ареис иҭаз аныҟәаҩцәа, иара убас Аҟәантә ихынҳәны ицоз ареис апассаџьырцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьан.
Ҳазҭагылоу аамҭазы апассаџьырцәа рымаҵ аура мҩаԥысуеит аамҭалатәи атерминал аҟны. Аҳаирвокзалтә комплекс ҿыц аргылара мҩаԥысуеит аҳаирбаӷәаза аҩадахьтәи ахәҭаҟны. Уи азеиԥш ҵакыра иартәоит 5 нызқь. ԥшь. м, иара иаҵанакуеит аҳаирплан ааиреи ашьҭԥраареи рзалқәа, иара убас аҩналаратә гәаҭара ахыбра зцу аркадтә галереиеи.
Нижни Новгороди ихынҳәны ицои ареисқәа мҩаԥгахоит авиаеилахәыра «Икар» 100 ҭыԥк змоу аҳаирплан Embraer 190 ала.
Рашәарамза инаркны ҳаирпланла аԥыррақәа ирылагахараны иҟоуп, иара убас аҳаирбаӷәаза амаршруттә хырхарҭақәа рыҽдырҭбаауеит.