2026 шықәса ԥхынгәымза 10 рзы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» VIP-терминал ҿыц аҿы апассаџьырцәа рымаҵ аура хацркхеит. Атерминал аусура аларгара авиабаӷәаза амаҵзура аҿиараҿы аамҭахәҭа ҿыцны ишьақәгылеит, апассаџьырцәа рымаҵ аура хаҭабзиарала иҿыцу аҩаӡарахь иазҳәоуп.
VIP-терминал аҳаирбаӷәаза аҭоурыхтә терминал ахыбраҿы иҟоуп. Уи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха иобиектуп. Иахӡыӡааны еиқәырхоу архитектуреи Аҟәазы иналукааша ахыбра иаҵоу ацәаҩеи ҳаамҭазтәи аиқәыршәагақәеи амаҵзура аҩаӡара ҳараки еинырнаалоуп, уи араҟатәи анаӡааӡара ҿыц даҽакы иаламҩашьо, иуникалтәны иҟанаҵоит.
VIP-терминал аамҭеи, аманшәалареи, аиндивидуалтә знеишьеи рыхә зшьо апассаџьырцәа ирызкуп. Атерминал ақәыԥшылара убас еиҿкаауп, аныҟәара ахәҭа зегьы – аҳаирбаӷәазахь анеира инаркны аҳаиртә ӷба аҭатәара аҟынӡа, аҟәатәи авиагабаӷәазаҟны ианнеилак аҳаирплан аҟнытә аҳаирбаӷәаза аҭыҵырҭа аҟынӡа – хаҭалатәи амаҵзура идгаларала, зегьы зҿлымҳара рыҭарала.
VIP-терминал амаҵзура хадақәа:
· ареис азы хазхаҭалатәи аҽҭаҩра;
· аԥырра аламҭалазтәи апроцедурақәа ирццакны рхысра;
· апассаџьыр рацәа ирцәыхараны иманшәалоу азыԥшырҭатә зал;
· аԥсшьарҭақәеи аусутә еиҿцәажәарақәеи рҭыԥқәа;
· зыццакыра ҳараку Wi · Fi;
· атәарахьы адәылҵырҭа хазы;
· аҳаиртә ӷбахьа анеиразы атрансфер;
· ианнеилак атрап аҟны аиԥылареи аҳаирбаӷәаза иҭыҵаанӡа ацныҟәареи.
Атерминал ҿыц азырхоуп аусдкылаҩцәа-ныҟәаҩцәа, абизнес-еилазаара ахаҭарнакцәа, иара убас аныҟәара иахьынӡауа иманшәаланы иалагарц, ихзыркәшарц зҭаху апассаџьырцәа зегьы.
"VIP-терминал аусура ахацыркра – Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа»аҿиараҿы изаамҭанытәиу шьаҿоуп. Ҳара инеиԥынкыланы амаҵзура аҩаӡара ашьҭыхра ҳаҿуп, апассаџьырцәа рзы амҽхак ҳарҭбаауеит. Атерминал ҿыц иалнаршоит Аԥсны асасцәеи уи ауааԥсыреи иреиӷьу адунеитә стандартқәа ирықәшәо амаҵзура рыдгалара. Агра ганы сыҟоуп VIP — терминал аустә ныҟәаҩцәа реиԥш, аманшәалареи аиндивидуалтә знеишьеи рыхә зшьо атуристцәагьы ишырҭаххо», - ҳәа азгәеиҭеит В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Руслан Блиндиук.
VIP-терминал амаҵзурақәа хархәара рыҭара ҟалоит заанаҵы аҭы р аркаарала. Аҳаирбаӷәаза аофициалтә саит аҿы иарбоуп амаҵзуразы инарҭбааны аинформациеи егьырҭ аҭагылазаашьақәеи.