Аҳаирбаӷәазаҟны аусура
Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" – Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аусурҭаҭаҩ дууп. Авианаплакы аполитика шьаҭас иамоуп – аусуразы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵареи иҭышәынтәаланы аџьаԥса ашәареи, иара убас аџьа ашәарҭадареи ауаҩы изинқәа реиламгареи рхылаԥшра, иааиԥмырҟьаӡакәа аусзуҩцәа рзанааҭтә дыррақәа реиӷьтәра.
Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" хшыҩзышьҭра ду анаҭоит аусзуҩцәа рдыррақәа реизырҳареи урҭ рыҿиареи аус. Арҵара асистема аус ауеит актәи амш инаркны, аусуҩы иаршьцыларагьы уахь иаҵанакуеит, анаҩс аԥхьаҟагьы азанааҭтәи хаҭалатәи аҿиарагьы.
Аҳаирбаӷәаза аилазаараҟны аус ауеит аспециалистцәа разыҟаҵареи, реиҭазыҟаҵареи, рыквалификациа ашьҭыхреи рзы акурсқәа ахьымҩаԥысуа алицензиа змоу Арҵаратә центр (АЦ) абарҭ ахырхарҭақәа рыла:
• Авиациатә шәарҭадара;
• Аԥыррақәа рзы амцарцәаратәи амашәыр-аиқәырхаратәи усмҩаԥгатәқәа рыла реиқәыршәара;
• Орнитологиала аиқәыршәара, аԥыррақәа ршәарҭадара, ауаҩытәыҩсатә фактор;
• Ишәарҭоу аидарақәа рымҩангара;
• Аҳаиртә ӷбақәа адгьыл ахыхьтәи рмаҵура;
• Аҳаиртә ӷбақәа рцентровкеи аидара рықәҵареи;
• Апассаџьыртә мҩангарақәа реиҿкаара;
• Аидаратә мҩангарақәа реиҿкаара;
• Иҷыдоу апрограммақәа;
• Акорпоративтә программақәа.
Аҳаирбаӷәаза АЦ апрограммақәа шьақәырӷәӷәоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистрраҟны, аус зуа Аԥсны Аҳәынҭқарра авиациатә ԥҟарақәа иагьрықәшәоит.
Ҳара ҳкомандаҟны ҳаигәырӷьоит алҵшәақәа риура иашьҭоу, аҿиара зҭаху ауаа рбара.
- Аидараҿаҳәа-аилаҳәаҩ
- Аҳаиртә ӷбақәеи аусурҭатә ҭыԥқәеи рыӡәӡәаҩ
- Агәаҭаратә маҭәахәы арҽеиреи ахархәареи рзы агәыԥ анџьныр
- Аԥыррақәа афымца-лашаратехникатә еиқәыршәаразы анџьныр
- Аимадара аҟәша анџьныр
- Ахархәаҩцәа ацхырара рыҭаразы анџьныр
- Икомплекстәу амаҵзуразы аусуҩы
- Иналукааша азинбжьгаҩ
- Атауар-материалтә маҭәарқәа (АММ) рзы аҳасабеилыргаҩы
- Афинанс-ҳасаббаратә гәыԥ иналукааша аҳасабеилыргаҩы