Аидараҿаҳәа ҟамлар, мамзаргьы аԥхасҭа ахьзар, аидараҿаҳәа аԥшааразы агәыԥ (Lost&Found) аусзуҩы шәидҵаалароуп. Уи аидараҿаҳәа аҭара Атерминал азал аҟны дыҟоуп. Иҟалаз атәы шәҳәароуп иаразнак, аидараҿаҳәа аԥхасҭа шаиуз, мамзаргьы ишыҟам аныжәба, шәызлааз адокументқәа (аҭатәаратә талон, аидараҿаҳәатә дыргацраҳәа), иара убас шәхаҭара зырҵабыргуа адокумент ирбаны.
Ари жәдыруазароуп! Ҳшәыҳәоит, аԥырратә документқәа, ҷыдала аҭатәаратә талон, аидараҿаҳәатә дыргацраҳәа еиқәшәырха.
Апассаџьыр, амҩангаратә документқәа шьаҭас иаҭаны, еиқәиршәаз ҩралатәи арзаҳал ала аԥшааразы (PIR) аус аномер аҭахоит, уи астатус дашьклаԥшыр ҟалоит ихала, абарҭ аусқәа анынаигӡа:
- Аԥырразы иалышәхыз авиаеилахәыра аофициалтә саит шәҭал, алада авиаеилахәыра алоготип шәагәҭасны.
- Авиаеилахәыра аофициалтә саит ахь шәаниаслак, иалышәх аоперациа «Аидараҿаҳәа аԥшаара астатус шьақәыргылатәуп».
- Имааз аидараҿаҳәа аинформациа ахәаԥшразы иҷыдоу аԥенџьыр аҟны иашәырба:
- аидараҿаҳәа аԥшааразы афаил аномер – PIR, 10-дыргак змоу аномер
- шәыжәла латын нбанла
- шәақәыӷәӷәа апытҟәыр «Идәықәҵатәуп».
-
Асистема иҭажәгалаз арбагақәа ииашазар гәашәҭ. Арзаҳал аԥсахрақәа (арҽеирақәа) (ахьӡ, ажәла, аҭел, аҭыӡҭыԥ, аидараҿаҳәа ахҳәаа) алагалатәхар, мамзаргьы аидараҿаҳәа аԥшааразы азҵаарақәа шәымазар, аидараҿаҳәа шымааз азы Акт (PIR) аҟны иарбоу аҭел ала шәас.
Аидараҿаҳәа астатус шәхала ишгәашәҭо
Алада еиқәыԥхьаӡоу авиаеилахәырақәа руак ала шәԥыруазҭгьы, шәеидараҿаҳәа астатус шәхала игәашәҭар шәылшоит онлаин. Авиаеилахәыра алышәх алада иану асиаҟны.
Ари жәдыруазароуп! Иӡыз аидараҿаҳәа аԥшаара мҩаԥысуеит 21 мшы рыҩныҵҟа, арзаҳал аналаҵаха инаркны.
21 мшы цеит, аидараҿаҳәа ԥшааӡами?
Авиаеилахәырахь шәыдҵаал, ҩрала аҽԥынкыла рышәҭа. Ишәоуз ацәыӡ ацынхәра ԥарала архынҳәреи уи ашәагааи рзы азыӡба здызкыло авиаеилахәыра ауп УА Аҳаиртә закәанеидкыла, Варшаватәи аконвенциа, иашьашәалоу Авиеилахәыра анормативтә документқәа рыҟны иарбоу аԥҟарақәа рықәныҟәарала.
Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит шәеидараҿаҳәа лассы аԥшааразы!
Хымԥада адырра шәаҳҭоит аидараҿаҳәа аҳаирбаӷәаза Аҟәа ишааз азы!
Ҽеила иҿаҳәоу аидареи анормативахыхьтәи аидараҿаҳәеи
Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аҟны шәхы иашәырхәар шәылшоит аидара аҿаҳәаразы иҟоу амаҵзура. Иҷыдоу астретч-плионка шәеидараҿаҳәа мҟьашьыртә, зинда аҭалараҟнытә, имҵаакәа аартра аҟнытә иахьчоит. Апрофессионалцәа ркоманда шәеидара шәызҿарҳәоит 1 минуҭкгьы иадымхалакәа.
Стандартная упаковка
багажа
негабаритного
багажа
Упаковка «Premium»
багажа
Стандартная упаковка
Ацәыӡреи ааха аҭареи
Урыстәылатәи Афедерациа Аҳаиртә закәанеидкыла ахәҭаҷ 118 инақәыршәаны, «Аидарамҩангаҩ аҭакԥхықәра идуп аидараҿаҳәа аӡразы, аидараҿаҳәа иагу азы, мамзаргьы аԥхасҭа аҭаразы ҳаирла амҩангаразы ианрыдыркыла инаркны апассаџьыр ирҭаанӡа».
Аидараҿаҳәа ҟамлар, мамзаргьы аԥхасҭа аҭазар, аидараҿаҳәа аԥшааразы агәыԥ (Lost&Found) аусзуҩцәа ирыдҵаалатәуп, иаразнакгьы иҟалаз атәы раҳәатәуп, урҭ аҩныҵҟатәи атерминал аҿы аидараҿаҳәа ахьрырҭо азал аҟны иҟоуп.
Апассаџьыр иҩны иалаиҵаз арзаҳал ала аидараҿаҳәа аԥшааразы агәыԥ иатәу аспециалист шәеидараҿаҳәа архынҳәразы абарҭ ауснагӡатәқәа наигӡоит:
-
азҵаатәхәы дәықәиҵоит аҳаирбаӷәазахь аидараҿаҳәа аҟазааразы;
-
азҵаатәхәы дәықәиҵоит машәырла (агха рыхьны) аидараҿаҳәа нагазар ахьауа аҳаирбаӷәазақәа рахь;
-
азҵаатәхәы дәықәиҵоит иара уа иҟаны ирбазар, ирхынҳәны аашьҭразы.
Аус зуа УА азакәанԥҵара инақәыршәаны, аидараҿаҳәа аԥшаара мҩаԥысуеит 21 мшы рыҩныҵҟа. Ари аҿҳәара аҩныҵҟа аидараҿаҳәа ԥшаамхар, апассаџьыр азин имоуп авиаеилахәырахь адҵаалара, аидараҿаҳәа арӡра инамаданы ирҭаз аԥхасҭа ацынхәра изырхынҳәра азҵаара ақәыргыларазы.
Аидараҿаҳәа аԥхасҭа анаиу, апассаџьыр азин имоуп иубартә иҟоу аԥхасҭазы мацара ацынхәра изырхынҳәра. Аидараҿаҳәа иагәылоу аԥхасҭазы ацынхәра архынҳәра азԥхьагәаҭаӡам.
Аидараҿаҳәа иаиуз аԥхасҭазы апассаџьыр ииҩыз арзаҳал иацҵатәуп абарҭ амҩангаратә документқәа:- авиабилеҭ (аҭартәаратә талон, мамзаргьы аелектронтә билеҭ ахырхарҭа-квитанциа);
- аидараҿаҳәатә бирка аталон;
- аидараҿаҳәа иаиуз аԥхасҭа инарҭбааны ахҳәаа ахьарбоу акоммерциатә акт (еиқәыршәахоит аидараҿаҳәа аԥшааразы агәыԥ аспециалистцәа рыдҵаалара анаҩс).