Ҳара иеилаҳкаауеит ахәыҷқәа рыцныҟәараан ҷыдала рыхӡыӡаара шаҭаху. Убри аҟнытә В. Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәазаҟны аҭагылазаашьа аԥҵоуп ҳаирла аԥырра еиҳа иманшәаланы, иҭынчны имҩаԥысырц азы.
Ахәыҷқәа зцу аҭаацәарақәа рзы иманшәалоу амашьынаргыларҭа
Атерминал аҩналарҭа азааигәара ахәыҷқәа зцу апассаџьырцәа рзы амашьынаргыларҭа азгәаҭоуп. Иара аԥырра аҭыԥ иазааигәаӡаны иҟоуп акәырҷыжь, ашәырақәа, аныҟәаҩцәа хәыҷқәа шәыманы хара ацара шәықәымшәарц азы.
Араан ақәгыларада аҽҭаҩра
Ахәыҷқәа зцу апассаџьырцәа ареис азы аҽҭаҩрахь инеиуеит азеиԥш раан ақәгыларада. Иарбанзаалак аҿхышә ахь атәылауаҩшәҟәи ахәыҷқәа рдокументқәа шәыманы шәнеир иазхоит. Ари аамҭа аиҷаҳара, иара убас ауаа рацәа рылаларада акыраамҭа азыԥшра ацәцара алнаршоит.
Ахәыҷқәа ирызку акәырҷыжьқәа хәыда-ԥсада
Аҳаирбаӷәаза хәыда-ԥсада ахәыҷтәы кәырҷыжьқәа унаҭоит атерминал аҿы аҟазаара аамҭа аҩныҵҟа. Урҭ иаразнак аԥырра атерминал аҿы иугар, нас аҳаирплан атрап аҟынӡа ухы иаурхәар ҟалоит – убас ала ахәыҷы иҭагылазаашьа маншәалахоит, иани иаби рнапаҿы ирку анапылеидареи адокументқәеи рзы рнапқәа ҭацәхоит. Акәырҷыжьқәа аинформациатә шьаҟаҿы ирыҭахоит, аҳаирбаӷәаза аусзуҩцәа ирыздырхынҳәуеит аҳаирплан иақәтәаанӡа.
Ахәыҷтәы мениу змоу акаҳуажәырҭа азыԥшырҭа ҭыԥ аҿы
Аԥырра иазку атерминал аҿы, аҭатәара иахьазыԥшу аҭыԥ аҿы аус ауеит иҷыдоу ахәыҷтәы мениу ахьыҟоу акаҳуажәырҭа. Еиҳа иқәыԥшу апассаџьырцәа рзы иазԥхьагәаҭоуп рықәреи ргьамеи ирнаало ачысхкқәа. Аҭаацәа ахәыҷы ҭынч акриҿарҵар рылшоит аҭатәарахьы адәылҵырҭа иацәыхарамкәа.
Ахәыҷқәа рыԥсы ахьыршьо аҭыԥқәа
Аҳаирбаӷәазаҿы апассаџьырцәа хәыҷқәа иманшәаланы раамҭа рырхгарц азы аҭыԥқәа азԥхьагәаҭоуп:
Апарктә ҭыԥқәа рҿы иҟоуп иаарту ахәмарырҭақәа ҩба – уа ахәыҷтәы хәмарырҭақәа шьақәыргылоуп, ахәыҷкәа аҳауа цқьаҿы ихәмарырц азы алшара ыҟоуп.
Ахәыҷтәы зонаҿы аҭатәаразы адәылҵра азыԥшра иазку азал аҟны ахәыҷқәа ирызку аҭыԥ аҿы ахәмаргатә маҭәарқәа рыдагьы, иҟоуп ателербагагьы, уа иддырбоит аԥсышәала, урысшәала амультфильмқәа. Ари аныҟәаҩ хәыҷы игәы мырҿыӷькәа иреис дазыԥшырц, иани иаби ҭынч иааигәа рыԥсы ршьарц азы иарманшәалоит.
Ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа аидараҿаҳәа аԥхьанатә рыҭара
Ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рҟынтә апассаџьырцәа реидараҿаҳәақәа аԥыжәара рыҭаны аус рыдырулоит. Ари иаанаго ачемоданқәеи егьырҭ рымаҭәақәеи еиҳа заа аҭаратә цәаҳәахьы инеиуеит, аҭаацәарагьы акраамҭа аԥшра рықәшәаӡом ҳәа ауп. Ареис ахь аҽҭаҩраан аҭаацәа реилазааразы адырра ҟаҵазар иазхоит.
Апассаџьырцәа рзы абжьгара: ахәыҷы дшәыманы шәԥыруазар, авиаеилахәыра заанаҵы шәазҵаа акәырҷыжьи, ахәыҷы ифатәи, егьырҭ зыда ԥсыхәа ыҟам амаҭәарқәеи рымҩангаразы алшара аҟазаара – амҩангаҩцәа реиҳараҩык азин ҟарҵоит урҭ аидарақәа рнорма инахыҳәҳәаны ргаразы.
Ахәыҷқәа рыцԥырра
Урыстәылатәи Афедерациа авиаеилахәырақәа зегьы ахәыҷқәа рымҩангара иазкны ишьақәыргылоу иаку аԥҟарақәа ирықәныҟәоит: апассаџьыр наӡа хәыда-ԥсада 2 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа аӡәы хазы аҭыԥ иҭарада диаигар илшоит. Апассаџьыр ҩышықәса зхымҵыц ахәыҷқәа даҽа 2 иццзар, урҭ ригараан илшоит атариф ахәҭак ахшәаареи хаз игоу аҭыԥқәа рыҭареи. Ахәыҷы иқәра шьақәыргылахоит амҩангара ианалаго амш аҽны. Хаз игоу авиаеилахәырақәа ахәыҷқәа рымҩангаразы даҽа қәратә ценз шьақәдыргылоит – уи азы аинформациа аиура алыршахоит абилеҭ аахәараан.
12 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рымҩангараан зықәра наӡоу апассаџьырцәа рыцзароуп. 2-12 шықәса зхыҵуа уаҩ дызцым ахәыҷқәа амҩанагаҩ ихылаԥшрала рымҩангара рылшоит аҭаацәа (ааӡара дызгаз, абекәынцәа, ма ахылаԥшыҩцәа) ас еиԥш ахәыҷы имҩангаразы аҩыратә арзаҳал анырҩлак ашьҭахь. Дара иҟарҵаз аҳәарала амҩангаҩ ихылаԥшрала амҩангара иаҵанакыр алшоит 16 шықәса иреиҳамкәа зхыҵуа ахәыҷқәагьы.
Ахәыҷқәа рыманы аԥырра иазку еиҳа инарҭбаау аинформациа авиаеилахәыра-мҩангаҩцәа рсаитқәа рҿы иарбоуп.