Ашрифт ашәагаа:
Аб
Аб
Аб
Аԥштәы змоу асхема:
Асахьанҵақәа:
Амениу
апассаџьырцәа рзы алахәылаҩцәа рзы

Аиҭашьақәыргылара

В.Г. Арӡынба ихьӡ зху  Жәларбжьаратәи  аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" комплексла арҿыцразы апроект анагӡара мҩаԥысуеит аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны

Апроект азы

Акомплекс иаҵанакуеит хазы игылоу ахыбрақәа рҿы иҟоу аҳаирпланқәа рааиреи рышьҭыԥраареи рзалқәа, аконтроль азы аҩналарҭатә гәыԥ, иара убас авокзал иаԥну ашҭа автомашьынақәа рыргыларҭақәеи аангыларҭатә комплексқәеи зцу. Аҳаирбаӷәаза сааҭк аҩныҵҟа 400-ҩык рҟынӡа ауаа рымаҵура алшоит.

Аеродромтә инфраструктура

Иахьазы ашьҭыԥраара-ртәаратә цәаҳәеи аҿықәқәеи бетонла ахҟьара хыркәшоуп, инагӡоуп аԥрырҭа дәы адыргаҭареи апланшьҭыхреи.  Ихыркәшоуп аԥсҟы мҩеи аадгыларҭеи бетонла рыхҟьаразы аусурақәа. Аиҭашьақәыргылара алҵшәақәа рыла аеродром иалшоит адкылара: В-737-800-и  А-330-300-и – имаксималтәу ашьҭыԥраатә массазы ԥқрада. 

Ишьақәыргылоуп, аусурагьы иаларгоуп аметеомаҭәахәы, иазырхиоуп аиқәшаҳаҭрагьы алыршоуп аҳаиртә еиужьра аилазааразы.  Еиҿкаауп амҩақәҵаратә пункт АМП «Вышка», ишьақәыргылоуп аҳаиртә ныҟәара ахырхарҭақәа.  Қәҿиарала имҩаԥгоуп аԥырратә гәаҭарақәа, аусура иаларгоуп  аԥыррақәеи аимадареи арадиотехникала аиқәыршәаразы адгьылхыхьтәи ахархәагақәа.

Атерминалтә инфраструктура

Аҳаирбаӷәаза аҩадатәи ахәҭаҟны иҟоу иҿыцу аҳаирвокзалтә комплекс иаҵанакуеит аҳаирпланқәа рааиреи рышьҭыԥраареи рзалқәа, иара убас    аркадатә галереиа аҩналарҭатә контроль ахыбра зцу. Аҳаирпланқәа рааиреи рышьҭыԥраареи рзалқәа аҭоурыхтә ҳаирвокзал аҟнытә мрагыларахьала иҟоуп, уи агеометриатә форма змоу еихагылакны иҟоу хыбрақәаны ишьақәгылоуп. Ари иалнаршоит азалқәа рыҩныҵҟа апассаџьырцәа рымаҵуразы излауала афункционалтә ҭыԥқәа зегьы реихшара.  

Азал аҩадатәи ахәҭаҟны иҟоуп аркадатә галереиа, аҳаирвокзалтә комплекс аҩналараан агәаҭарақәа рымҩаԥгара иазку аҩналарҭатә галереиа змоу   ахыбра. Акомплекс адгьылҵакыраҟны иара убас иҟалоит аԥсшьарҭа ҭыԥқәа, ахәаахәҭырҭақәа, ахәыҷқәа рзы ашҭақәа. 

Аҳаирпланқәа рааиреи рышьҭыԥраареи рзалқәа аԥсшьарҭа ҭыԥқәеи архитектуратә форма маҷқәеи змоу аҩныҵҟатәи ашҭа хадала еиԥшьуп.   

Аҳаирвокзалтә комплекс азеиԥш ҵакыра иартәоит 5000 м2 рҟынӡа, апарки ашҭа хадеи аламҵакәа.


Аҳаирбаӷәаза аҭоурыхтә ҳаирвокзал ахыбра Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиект аҳасабала еиқәырхахоит. Апроект ала иазԥхьагәаҭоуп ахыбра архитектуратә хаҿра еиқәырханы аобиект аиҿкаареи аинтериертә ӡбамҭақәеи амаҭәахәи рыла аиқәыршәареи  анаҩс, аофициалтә хаҿқәеи аделегациақәеи ртерминал (АЦӘ атерминал) аҳасабала аусура аларгара.    

Апассаџьырцәа рзы апроект аҟны иазԥхьагәаҭоуп апарктәи аангыларҭатәи комплексқәа ацҵаны авокзал иаԥну ашҭа. 

Авип-пассаџьырцәа рзы иазԥхьагәаҭоуп авокзал иаԥну ашҭаҟнытә ушиашоу аҭоурыхтә вокзал аҩналарҭатә контроль ахыбрахь инеиуа хазы анеирҭа.

Административтәи амаҵзуратәи хыбрақәа

Проектла иара убас иазԥхьагәаҭоуп административтәи амаҵзуратәи хыбрақәа зегьы. 

Административтә хыбраҟны иҟоуп аҳаирбаӷәаза аилахәыра-оператор амаҵзуратә уада хадақәеи аусзуҩцәа рзы акрыфарҭеи. 

Иазԥхьагәаҭоуп аҳаирбаӷәаза аҳәынҭқарратәи аконтрольтәи усбарҭақәа радминистративтә усзуҩцәа рҭыԥ азы аофистә хыбра. 

Аҳаирбаӷәаза ахылаԥшырҭатә ҭыԥ аҟны иҟалоит адгьылтә маҵзуреи ааглыхратә маҵзурақәеи рхыбрақәа, иара убас абылтәыҭаҭәарҭатә комплекс.

Аҿиара аԥхьаҟатәи аԥеиԥш

Аҳаирбаӷәаза аҿиараҟны аԥхьаҟа Амшын еиқәа аладатәи ахәҭаҟны иазԥхьагәаҭоуп иҿыцу ҳаамҭазтәи Апарк-терминал архитектуратә концепциа, уи шьаҭас иаҭахоит аԥшаҳәа хызҟьараны иҟоу амшынеиқәатә  бӷанҷ ахаҿра.   Аҳаирбаӷәаза афункционалтә зонақәаны иҟоу – аҩналарҭатә гәаҭара, аҽҭаҩратә зона, азыԥшырҭа зал, аидараҿаҳәа аҭарҭа зал – ихҟьоу агалереиақәеи аиасырҭақәеи рыла еимадоу хазы игылоу ахыбрақәа рҿы иҟалоит. 

Иҿыцу Апарк-терминал аужьратә лшара иартәоит   –   2,5 миллионҩык иреиҵамкәа апассаџьырцәа.

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара апроект анагӡарала Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономикатә ҿиаразы, апассаџьырцәа рзы атранспорттә лшара аиӷьтәреи ркомфорт аҩаӡара ашьҭыхреи рзы акрызҵазкуа лагаламҭаны иҟалоит. Иҿыцу ҳаамҭазтәи аҳаирбаӷәаза иалнаршоит Аԥсны иамоу иҳараку атуристтә лшара нхарҭәааны анагӡара.


Ҳара ҳсаит хархәара анаҭоит cookie (Ахархәаҩ асаит аҟны иҟаиҵо азы аналитикатә рбагақәа) асаит аусура аӷьтәреи астатистикатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгареи рзы. Асаит ахархәара иацҵо, Шәара шәьбраузер cookie афаилқәа аус рыдулара аԥҟарақәеи хаҭалатәи арбагақәа аус рыдуларазы Аполитикеи шәрықәшаҳаҭхоит. Шәара есқьынгьы cookie афаилқәа раҿыхра шәылшоит шәьбраузер архиагақәа рыҟны.