Ашрифт ашәагаа:
Аб
Аб
Аб
Аԥштәы змоу асхема:
Асахьанҵақәа:
Амениу
апассаџьырцәа рзы алахәылаҩцәа рзы

Апрессазы

Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" амассатә информациа ахархәагақәа рзы иаартуп. Аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзураҟны ишәҭаху аинформациеи аофициалтә хҳәаақәеи шәоур шәылшоит, аҳаирбаӷәаза адгьылҵакыраҟны афотоқәеи авидеоҭыхымҭақәеи реиҿкааразы иахәҭоу аԥҟарақәа, иара убас даҽа дырраҭарақәак реилкааразы шәыдҵаалар ҟалоит.

Афото-, авидео-, акиноҭыхымҭақәа рымҩаԥгаразы аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" адгьылҵакырахь АИХ ахаҭарнакцәа нашьҭызар ҟалоит. Авиабаӷәаза аусуразы ауаажәларра адырра рыҭара хықәкыс иҟаҵаны аҭыхымҭақәа коммерциатәны иҟаӡам, имҩаԥгахоит апресс-маҵзура ацхыраарала.

  1. Афото-, авидео-, акиноҭыхымҭақәа рымҩаԥгаразы ауаҩытәыҩсатәи аиуристтәи хаҿқәа рыҟнытә аҭахҳәага алаҵахоит ЗҲӘА «Жәларбжьаратәи  аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Е.С. Баженов ихьӡала.
  2. Аҭахҳәага алаҵахоит анапхгаҩы изҵаиҩыз аиҿкаара абланк ала.
  3. Аҭахҳәагаҟны иарбазароуп:
    • иазԥхьагәаҭоу аҭыхымҭақәа ррыцхә, раамҭа, шаҟа аамҭа ицо;
    • иазԥхьагәаҭоу аҭыхымҭақәа ррыцхә, раамҭа, шаҟа аамҭа ицо;
    • аҭыхымҭақәа рзы ирҭаху аҭыԥқәеи аобиектқәеи (авокзал иаԥну ашҭа, жәларбжьаратәии аҩныҵҟатәии ацәаҳәақәа ртерминалқәа
      аадгыларҭа уб.егь.);
    • аҭыхратә гәыԥ аилазаара зегьы дасу итәылауаҩратә рбагақәа (ААА, атәылауаҩшәҟәы аномер, асериа, изҭаз, ианиҭаз, дахьиз  аҭыԥ, ашәҟәы дахьҭаҩу аҭыӡҭыԥ) арбаны;
    • аппаратура асиа;
    • аҭакзыԥхықәу ахаҿы аимадаратә рбагақәа.

    Афото-, авидео-, акиноҭыхымҭақәа рымҩаԥгаразы азин аиураан хылаԥшра змоу анаплакы  
     (аеродром, аҳаирвокзал истерилтәу азонақәа, ааглыхра-техникатә маҵзурақәа рыдгьылҵакыра) аҟны  аҭыхратә гәыԥ алахәцәа зегьы анашьҭыгатә документқәа роуроуп Авиациатә шәарҭадара амаҵзура Анашьҭратә биуро аҟны  (анашьҭыга рыҭахоит атәылауаҩшәҟәы арбарала). Аҭыхымҭақәа рымҩаԥгаразы азин анроу, анеира ахьыҟало аҭыԥқәа рыҟны рхаҭара зырҵабыргуа адокументқәа рымазароуп.
  4. Афото-, авидео-, акиноҭыхымҭақәа рымҩаԥгаразы  аҭахҳәага нарышьҭуеит аҭыхымҭақәа рзы иазԥхьагәаҭоу арыцхә аҟынӡа 5 мшы инеиҵамкәа ишыбжьоу. Аҭыхымҭақәа адҵаалара аныҟаҵоу аҽны имҩаԥысраны иҟазар, аҭахҳәагақәа рыдыркылоит АИХ рыҟны иаарласны заарԥшра аҭахны иҟоу зсоциалтә ҵакы ҳараку амзызқәа рыла мацара.
  5. Аҳаирбаӷәаза режимтә наплакны излаҟоу ала, афото-, авидео-, акиноҭыхымҭақәа хылаԥшра змоу адгьылҵакыраҟны: аеродром аҿы, аҳаирвокзал аҿы,  астерилтә ҭыԥқәа рыҟны,  ааглыхра-техникатә маҵзурақәа рыдгьылҵакыраҟны рымҩаԥгаразы  аҭахҳәагақәа – мап рыцәкызар ҟалоит  урҭ зегьы рзы иаарту аҳаирбаӷәаза аҭыԥқәа рыҟны аҭыхразы алшара рыҭаны.
  6. Афото-, авидео-, акиноҭыхымҭақәа рымҩаԥгаразы аҭахҳәага дәықәҵахоит   абри аелектронтә ҭыӡҭыԥ ахь .
  7. Атәымтәылатә еиҿкаарақәа рыҟнытә аҭахҳәага алаҵахоит атәымтәылатә массатә информациа ахархәагақәа ркорреспондент  (иааиԥмырҟьаӡакәа аккредитациа змоу) игәраргага ахкьыԥхьаа  агәылаҵаны.
  8. Атәымтәылатә еиҿкаарақәа рыҟнытә аҭахҳәага алаҵахоит атәымтәылатә массатә информациа ахархәагақәа ркорреспондент  (иааиԥмырҟьаӡакәа аккредитациа змоу) игәраргага ахкьыԥхьаа  агәылаҵаны.

«Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аусуразы аинформациа, анаплакы ахаҭарнакцәа рыхҳәаақәа риуразы АИХ ахаҭарнакцәа аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзурахьы идҵаалар ҟалоит ҩрала рызҵаатәхәы абри аелектронтә ҭыӡҭыԥ . ахь идәықәҵаны. АИХ азҵаатәхәқәа рҭакқәа ҟаҵахоит аус зуа АА Азакәанԥҵара инақәыршәаны (N 927-с-XIV 12.08.2004 ш. аҟн. «Амассатә информациа ахархәагақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан).

Ҳара ҳсаит хархәара анаҭоит cookie (Ахархәаҩ асаит аҟны иҟаиҵо азы аналитикатә рбагақәа) асаит аусура аӷьтәреи астатистикатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгареи рзы. Асаит ахархәара иацҵо, Шәара шәьбраузер cookie афаилқәа аус рыдулара аԥҟарақәеи хаҭалатәи арбагақәа аус рыдуларазы Аполитикеи шәрықәшаҳаҭхоит. Шәара есқьынгьы cookie афаилқәа раҿыхра шәылшоит шәьбраузер архиагақәа рыҟны.