Ашрифт ашәагаа:
Аб
Аб
Аб
Аԥштәы змоу асхема:
Асахьанҵақәа:
Амениу
апассаџьырцәа рзы алахәылаҩцәа рзы

Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Казанынтәи раԥхьатәи ишиашоу инагӡахо ареис аднакылеит

В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» иаднакылеит Казанынтәи авиаеилахәыра Nordwind раԥхьатәи иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуа ареис. Адгыларҭаҿы аҳаиртә ӷбеи апассаџьырцәеи реиԥылара авиациатә традициақәа ирықәныҟәаны имҩаԥысит: аҳаирӷба иаԥылеит аӡтәы хыргьагьа ала.

 Казан — Аҟәа — Казан амаршрут ала ареисқәа мчыбжьык ахь ҩынтә: аҩашеи амҽышеи имҩаԥгахоит:

 Иахьазы аҳаирбаӷәаза амаршруттә каҭаҟны иҟоуп 11 хырхарҭа, урҭ рахьтә акык-ҩбак рыла ареисқәа иаразнак амҩангагақәа ҩба инарыгӡоит.

 Ареисқәа раамҭаеихшанҵа.

 «Иахьатәи амш аԥхынтәи ҳнавигациазы акрызҵазкуа мшуп. Ҳара авиаеилахәыра Nordwind иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Казани Самареи рышҟа ахырхарҭа ҿыцқәа рдәықәҵаразы, иара убас Екатеринбургҟа ареисқәа рхыԥхьаӡара аизырҳаразы. Ари зеиԥш ҟамлац ала амаршруттә каҭа арҭбаара шыҟалаз атәы аҳәоит, Аԥсны Поволжиа, Урал, ааигәа-сигәа иҟоу арегионқәа руааԥсыра рзы иахьынӡауа ахархәара аманы иҟанаҵоит», - ҳәа азгәеиҭеит Руслан Блиндиук, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада.

19 ԥхынгәымзазы 2026 Аҟәеи Екатеринбурги рыбжьара аԥыррақәа рхыԥхьаӡара иацҵоуп 23 ԥхынгәымзазы 2026 Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Омскынтәи раԥхьатәи ишиашоу иаауа ареис аднакылеит: амаршруттә каҭа шьҭа Урыстәыла ақалақьқәа 12 аҵанакуеит
Ҳара ҳсаит хархәара анаҭоит cookie (Ахархәаҩ асаит аҟны иҟаиҵо азы аналитикатә рбагақәа) асаит аусура аӷьтәреи астатистикатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгареи рзы. Асаит ахархәара иацҵо, Шәара шәьбраузер cookie афаилқәа аус рыдулара аԥҟарақәеи хаҭалатәи арбагақәа аус рыдуларазы Аполитикеи шәрықәшаҳаҭхоит. Шәара есқьынгьы cookie афаилқәа раҿыхра шәылшоит шәьбраузер архиагақәа рыҟны.